Даанкылоуп атәым мазара маӡала иӷьычит ҳәа гәҩарас ирымоу Аҟәа ақалақь аҟны инхо, 1996 ...
Даанкылоуп атәым мазара маӡала иӷьычит ҳәа гәҩарас ирымоу Аҟәа ақалақь аҟны инхо, 1996 ш. рзы ииз Казаченко Иануш Владимир-иԥа. Ацәгьоура аҭыԥ аман аҳҭнықалақь аџьармыкьа хада аҵакырадгьыл аҿы 01.10.2026 ш.рзы, усҟан идырмыз ауаҩы, 1967 ш. рзы ииз аԥҳәыс ларҭмаҟ иҭаз лԥараҭра иӷьычит. Уа иҭан 2.500 мааҭ аԥара, амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭга, абанктә хсаалагақәа хԥа. Ацәгьоура иақәшәаз Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы арзаҳал алалҵеит жьҭаара 2 рзы. Ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа ирыдыркылаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирыбзоураны гәҩарас дҟаҵаны дааныркылеит Иануш Казаченко. Абри афакт ала аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеилыргара аҟәша Аҧсны ашьаустә закәанеидкыла 2-тәи ахәҭа ап. «г» 155-тәи ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура аҷыдарақәа рыла ашьаус хацнаркит, аусҭҵаара иацҵахоит. - Хыхь зыӡбахә ҳәоу атәылауаа аара ирыдыу изыхәҭоу Аӡбарҭақәа ишьақәдыргылоит. Ауысӡбаратә актқәа азакәанҧҵара инақәыршәаны Аӡбарҭа асаит аҟны иркьыҧхьуеит.