Автотранспорттә хархәага амҵарсра дақәыркит Очамчыра ақалақь ауаҩԥсы, 2005 ш. рзы ииз Г...
Автотранспорттә хархәага амҵарсра дақәыркит Очамчыра ақалақь ауаҩԥсы, 2005 ш. рзы ииз Гындиа Енрик Џьон-иԥа. Зыӡбахә ҳәоу дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа. Ашьаус аматериалқәа инарықәыршәаны атәылауаҩ Гындиа цәыббра 23 ауха, 1-тәи Заречнаиа абжьаларҭала амҩаҟны аҩны аҿаԥхьа игылаз зышә аркымыз амашьына Volkswagen Passat аҭатәарҭахь дҭаланы, амца аркра ацаԥха ихы иархәаны, атранспорттә хархәага закәаншьаҭада инапахьы иааигеит, иарбоу автомашьына ала ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит. Амашьына амҵарсразы арзаҳал Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы инаган ҳазҭоу ашықәс цәыббра 28 рзы. Аҧсны ашьаустә закәанеидкыла 1-тәи ахәҭа 163-тәи ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура аҷыдарақәа рыла Енрик Гындиа иганахьала ихацыркыу ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеилыргара аҟәша. Имҵадырсыз автомашьына ԥшаауп, аусҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа анхыркәшахалак ашьҭахь изтәу издырхынҳәуеит. - Хыхь зыӡбахә ҳәоу атәылауаа аара ирыдыу изыхәҭоу Аӡбарҭақәа ишьақәдыргылоит. Ауысӡбаратә актқәа азакәанҧҵара инақәыршәаны Аӡбарҭа асаит аҟны иркьыҧхьуеит.